2012 шықәса рзы аҧсуа телехәаҧшраҿы ихацырыкын апроект «Аибашьра анцоз...». Аефир иазырхиан адырраҭарақәа жәпакы. Араҟа иазааҭгылан Аџьынџьтәылатә еибашьра аан ақырҭуа қәылаҩцәа рнапаҵаҟа иҟаз аҧсуа қыҭақәа рҿы аҭынч уааҧсыра ирхыргаз амыҟәмабарақәа ртәы. Адырраҭара иалахәыз еиҭарҳәон рыбла иабаз. Аҧсуа телехәаҧшраҿы ҩаҧхьа ихацыркуп апроект «Аибашьра анцоз» аиҭарбара. Ари адырраҭара рызкуп Тамшьаа.
16 сен 2024